Print this page
вчера 14:39

Аҟәаҟа иааргеит наӡаӡатәи амца аҟәырҷаха

Жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ауаажәларратә ҵысра «Жәлар рфронт» аделегациа Аҟәаҟа иааргеит Идырым Асолдаҭ инышәынҭраҿы Кремльтәи аҭӡы азааигәара ибылуа Наӡаӡатәи амца аҟәырҷаха зҭаз акәаҷаб.

Ацеремониа мҩаԥысуеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху ахьӡ-аԥша музеи аҿаԥхьа.

Ареспубликахь амца ааргеит «Жәлар рфронт» ахаҭарнакцәа – Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Валери Гориуханов, арок-шәаҳәаҩы Мара Кана, аинтернационалтә ԥшыхәра-жәыларатә бригада «Донбасс абнатә дивизиаҿы» зхатәгәаԥхарала еибашьуа, Донецктәи жәлар рреспублика зҽаԥсазтәыз аҳақьым Борис Сычеников.

«Агәалашәара амца» аҟәырҷаха аҭара ацеремониа иалахәуп ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, атәыла ахада ицхырааҩ Алиас Аҩӡба, Апостолтә иашахаҵаратә уахәама анапхгаҩы Виссарион Аԥлиа, Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.


Read 218 times - Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 11:23