Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи, ҞБА аҿар русқәа рзы аминистр Азамаҭ Лиуеви.
Амеморандум иҳәаақәнаҵоит аҿар рполитика аусхк аҟны аганқәа реинырра ахырхарҭа хадақәа.
Зыӡбахә ҳамоу апрофильтә программақәа рынагӡараҿы аԥышәа аимдара, абаҩрҵәыреи аспорти рырҿиара, еицырзеиԥшу афорумқәеи, аҵаратә усмҩаԥгатәқәеи, аҿар рлагерқәеи реиҿкаара, иара убас аиҭанеи-ааиреи еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рынагӡареи роуп.
Лаҵарамза 4-8 рзы Нальчик имҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥырго аҿар рфорум. Уи иалахәуп 150-ҩык Аԥсны ахаҭарнакцәеи Урыстәыла арегионқәа 30 рҟынтәи аҿари.
