Print this page
06.Лаҵара.2026

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан иҟоу Ацқьа Гьаргь иныхабаа аԥшьара мҩаԥысит

Лаҵарамза 5 рзы, еиҭашьақәыргылаз XI ашәышықәсазтәи ауахәама аԥшьареи ахәылԥазтәи анцәаимҵаныҳәареи мҩаԥган, уи дахагылеит ахылаԥшҩы – аиереи Далмат Гоԥиа аиереи Никита Адлеиба аԥшьара ицымҩаԥигеит.

Лаҵарамза 6 рзы, Ацқьа Гьаргь игәалашәара амш аҽны ауахәамаҿы имҩаԥысит аныҳәатә џьартә ныҟәара зцыз иԥшьоу алитургиа.


Read 259 times