Цыбулевскаиа Маиа Уасил-иԥҳа диит 1985 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы.
2002 ш. далгеит А.П. Чехова ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 14.
2002 – 2007 шш - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет аҿы «абиологиа»азанааҭ ала аҵара лҵон;
2013 – 2015 шш.- Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет амагистратурааҿы «аекологиа» ахырхарҭала аҵара лҵон;
2006-2009 шш. – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 4 аҿы абиологиеи ахимиеи рырҵаҩыс аус луан;
2009 шықәса инаркны иахьанӡа-Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет аҿы рҵаҩы еиҳабыс аус луеит;
2013-2021 шш. – А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 2 аҿы абиолога арҵаҩыс аус луан;
2012 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа аинститут агидробиологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩс дыҟоуп;
2025 ш.инаркны иахьанӡа – Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш бжьаратәии азанааҭтәии ҵара аусбарҭа аиҳабыс дыҟоуп.
Дҭаацәароуп.
