Атәыла ахада идҵала Беслан Џьопуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩыс дҟаҵоуп.
Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала Беслан Ԥерцхьелиа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп.
Ԥерцхьелиа Беслан Дмитри-иԥа диит рашәарамза 22, 1975 шықәсазы;
1999 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет далгеит «Абиологиа» азанааҭ ала;
1999-2005 шш. - Очамчыратәи абнатә нхамҩа ахылаԥшҩыс дыҟан;
2001-2004 шш. - Очамчыра араионтә еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2005-2007 шш. - Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2010 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агро-нџьныртә факультет далгеит.
2013-2014 шш. - Ареспублика унитартә наплакы «Ахш зауад» адиректор ихаҭыԥуаҩ дыҟан;
2023 ш. инаркны иахьанӡа-Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылоуп;
Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.
