Print this page
05.Лаҵара.2026

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрс дҟаҵоуп Кама Аӡынба

Аӡынба Кама Гарри-ԥҳа диит ԥхынҷкәынмза 2 1982 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы;

2000 шықәсазы Ленинградтәи аҳәынҭқарратә областтә университет азиндырратә факультет дҭалеит, актәи акурс даналга ашьҭахь диасит О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә зиндырратә академиахь, далгеит 2005 шықәсазы;

2007 шықәсазы дҭалоит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Адипломатиатә академиа аспирантура «Жәларбжьаратәи азин. Европатәи азин» азанааҭ ала;

2006-2007 шш. - аиҿкаара «Москватәи ақалақьтә ӡыргара» аҿы дзиндырҩын
(ақ. Москва);

2008 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедраҿы рҵаҩыс аус луеит;

2017 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс аус луеит;

2020 - 2025 шш. - Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ дыҟан;

2025 ш. жьҭаарамза 13 инаркны иахьанӡа Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр инапынҵақәа налыгӡоит.
 
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара лымоуп.


Read 301 times