Атәыла Ахада иусԥҟала агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵоуп Асҭамыр Гәниа
Гәниа Асҭамыр Қарбеи-иԥа диит 1976 шықәса жьҭаарамза 26 рзы;
1993 шықәсазы далгеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1;
1993-1999 шш – Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет аҿы «Ахәышәтәратә ус» азанааҭ ала аҵара иҵон;
1999-2000 шш. - Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы «Азеиԥш хирургиа»азанааҭ ала аинтернатура дахысуан;
2000-2004 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәшаҿы аус иуан;
2004-2006 шш - Ставропольтәи амедицинатә академиаҿы аординатура дҭан;
2006-2014 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәшаҿы аҳақьым-урологс аус иуан;
2014-2020 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәша аиҳабыс дыҟан;
2020-2022 шш – Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа наигӡон;
2022 шықәса инаркны иахьанӡа - Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дыҟоуп;
Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, «Ахьӡ-Аԥша» аорден 3 аҩаӡара ианашьоуп;
Дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшара драбуп.
