Атәыла Ахада иусԥҟала атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп Беслан Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба Беслан Андреи-иԥа диит 1970 шықәса хәажәкырамза 30 рзы;
1988 ш. инаркны 1990 шықәсанӡа Приволжтәи-Уралтәи арратә округ аҿы аррамаҵура дахысуан;
1990 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет;
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп «Леон» иорден;
1993 шықәса инаркны 1994 шықәсанӡа-Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны аибашьратә зыҟаҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
1998 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит, «Аҭоурых» азанааҭ ала;
2008 ш. Аԥсны Арбџьармчқәа Рзеиԥшарратә академиа далгеит;
2008 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа-Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада Аԥшыхәратә усбарҭа анапхгаҩыс дыҟан;
2010 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2011 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыштаб Хада Академиаҿы аҵара иҵон;
Арратә хьӡы: аинрал-полковник;
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.
