Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, иалацәажәеит:
Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә аҟынтәи зхы иақәиҭыртәуа атауарқәа рсиа ашьақәыргылара, амедицинатә тауарқәагьы уахь иналаҵаны, ашәахтә азы азакәанԥҵара аиӷьтәра, ашәахтәқәҵара аобиектқәа рышьақәыргылара, ахадара ахаҭабзиареи апланҟаҵара аҩаӡареи рышьҭыхра.
Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ажәалагалақәа азырхианы аминистрцәа Реилазаара иалагалазарц азы.
