«Ас еиԥш аҩаӡара змоу афорумқәа рылахәхара ҳкомандазы зыхә ҳараку ԥышәоуп. Аусуратә ныҟәарақәа иалдыршоит жәларбжьаратәи аинырра иреиӷьу апрактикақәа рыҭҵаареи рхархәареи», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Амқәаб иҳәеит, мшаԥымзазы Аԥсны еиҿкааз Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ҳаамҭазтәи ареспублика аҭоурых аҿы раԥхьатәи усмҩаԥгатәны ишыҟаз.
«Уи амҩаԥгараан иҳауз аԥышәа иабзоураны анҭыҵтәи ҳусура хра аманы имҩасуеит», - ҳәа ациҵеит иара.
Аминистр аԥснытәи аделегациа алахәылацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, амилаҭтә стенд азырхиареи аусуратә программа алахәхареи рзы қәҿиара имҩаԥыргаз аусеицуразы.
«Ҳалшарақәа рӡыргара аспециалистцәа рзанааҭдырра ҳаракы иабзоурахеит», - иҳәеит аминистр.
Афорум аихшьалақәа рыла ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы нагӡахоит, иаҳҳәап, урыстәылатәи ахәаахәҭратә ҳақәа рҿы аԥснытәи аалыҵ ахкқәа рырҭбаара.
«Ҳара аусура аанаҳкылаӡом. Ишьақәыргылоу аимадарақәеи анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәеи Аԥсны адәныҟатәи аџьармыкьақәа рҿы аҟазаара арҭбааразы иалкаау шьаҿоуп», - ҳәа иажәа хиркәшеит Ҭеимураз Амқәаб.
