1992-1993 шықәсқәа раан Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵани иналукааша аԥсуа ар рԥыза Сергеи Дбар ибиусти амҵани ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аиҳабыра, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа.
Сергеи Дбар диит лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иара Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабыс дыҟан.
Сергеи Дбар иԥсҭазаара далҵит рашәарамза 27, 2002 шықәсазы. 2005 шықәса лаҵарамзазы, данҭаха ашьҭахь ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара. Уи ихьӡ ахуп Аҟәа амҩаду хадақәа руак, иара убас Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи.
