Аолимпиадаҿы аиааира ргеит 95-ҩык алагарҭатә классқәа рҵаҩцәеи 147-ҩык аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи.
Аҵара аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба аолимпиадаҿы аиааира згаз дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьалшьеит ақәҿиарақәа.
Лара илҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынба лыдҵа инақәыршәаны аҵаҩцәа аиааира ахьыргаз амаҭәарқәа рзы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рыҭира аҟынтәи рхы ишақәиҭтәхо.
С.Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩы. Даниела Сақаниа аиааира лгеит амаҭәарқәа хԥа рзы (аԥсуа бызшәа, абиологиа, ахимиа).
«Сара х-маҭәарк рзы аолимпиада схы аласырхәуан азы, дараара сгәы хыҭ-хыҭуа сырзыԥшын алҵшәаҟәа, аха ақәҿиара соуеит ҳәа сгәыӷуан. Сара сҽазыҟасҵон, ирацәаны саԥхьон, сыҩуан, уи алҵшәа снаҭеит», – лҳәеит лара. Даниела лани лашьеи иҭабуп ҳәа ралҳәеит аолимпиада аҽазыҟаҵараан иахьлыцхраауаз, иахьлыдгылоз азы.
