Хымш имҩаԥысуаз афорум, даара аҵак ду аман абызшәадырыҩцәеи, аҭҵааҩцәеи, арҵаҩратә еилазаареи рзы. Спикерцәас иамаз еиҳарак Апедагогика аинститут ахаҭарнакцәа роуп, избанзар арҵаҩцәа иахьа-уаха рнапы иаку, аусураҿы мҩақәҵагас ирымоу Аинститут еиқәнаршәо арҵагашәҟәқәеи апрограммақәеи роуп. Апедагогика аинститут аиҳабы Ирина Кәакәасқьыр лажәақәа рыла, арҵаҩцәа ирҭахын арҵагашәҟәқәа равторцәа рыҿцәажәара, дара авторцәа рхаҭагьы ирҭахын ахәыҷқәа рзы иҭрыжьуа апрактикаҿы ахархәара шымҩаԥсыуа аилкаара. Аицәажәара, наҟ-ааҟ агәаанаграқәа реибыҳәара, аизакра, аиқәыршәара, џьара аилибамкаара ыҟазаргьы алацәажәара - абри зегьы мҩаԥысуан афорум аҩныҵҟа.
«Афорум ахықәкы хадақәа ируакын арҵагашәҟәқәа равторцәеи арҵаҩцәеи реиԥылара, русеицура иаҳа арҵаулара, арҭбаара. Ахықәкы анагӡара алыршан. Арҵаҩцәа афорум аусура анымҩаԥысуаз аамҭа иҭагӡангьы аиҿцәажәара мҩаԥыргон, адискуссиа ҟазшьа рыман асеминарқәа, анаҩс алекциа анҭыҵгьы авторцәеи арҵаҩцәеи рцәажәара, ргәаанагарақәа рзыӡырҩра цон. Абри зегьы ҳара ҳаԥхьаҟатәи ҳусура ҳәаақәызҵо акәхоит, ҳусура ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит», - ҳәа азгәалҭоит Кәакәасқьыр.
Афорум аҿы иара убас иазгәаҭан иахьа апробациа иахрыжьуа арҵагашәҟәқәа рылацәажәара. Уи аганахьала Апедагогика аинститут аиҳабы «Аԥснымедиа» иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, ашәҟәқәа рҭыжьраҿы аҳәынҭқарратә стандартқәа рықәныҟәара аҵак ду шамоу.
«Аԥсны ахада астратегиатә ҵакы змоу адҵақәа ықәиргылеит аҵара аминистрра аҿаԥхьа. Аҵара азакәан апроект иахьынӡазалшо ихиоуп, уи адкылара ашьҭахь ҿыц еиқәыршәатәуп аҳәынҭқарратә стандартқәа амаҭәарқәа зегьы ирықәшәо, урҭ инарықәыршәаны апрограммақәа ҟаҵатәуп, убарҭ ирықәшәо арҵагақәагьы цәыргатәуп. Аамҭа иара ахатәы ҭахрақәа ықәнаргылоит, аха зегьы реиҳа абра ихадароу абызшәа аҭагылазаашьа ауп. Арҵага арҿыцра анаҳҳәо, абра иҟоуп ихымԥадатәу, ԥсахшьа змам акы, уи иарбан шықәсазаалакгьы, дарбан рҵаҩызаалакгьы, арҵага аклассикатә ҟазшьа шамоу идырроуп. Арҵага иану алитература атәы ҳҳәозар, аклассикатә ҩымҭақәа, аԥсуа литератураҿы ихадароу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа роуп. Ашкол аҿы арҵара классикоуп. Аметодика аганахьала аинновациақәа ҟауҵар ауеит ахәыҷы иҭахрақәа ирықәыршәаны. Убарҭ рыҩныҵҟа иаҭахқәо рацәоуп, убарҭ ирызхәыцтәуп», - лҳәоит Кәакәасқьыр.
Апедагогика аинститут аиҳабы лажәақәа рыла, аҵара шџьабаау ахәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа, зегьы еилыркаароуп. Абызшәа аҭагылазаашьа аԥсахраҿы ацхыраара ҟарҵароуп зегьы - аҭаацәа, ауаажәларра, аҳәынҭқарра, ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьыр.
