Print this page
вчера 18:13

Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорума ахԥатәи амш азы иӡырган Алитературатә ԥхьара 2-тәи акласс азы

Афорум еизнагаз алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа ирзеиҭаҳәан Аҵара аминистрреи апедагогика аинститути аус здырулаз арҵагашәҟәы аҽахьынӡаеиҭанакыз атәы, ҿыцрас иалагалаз, насгьы иану атекстқәа ахьанӡамариахаз.

Ари аҵарашықәс иалагӡаны ашәҟәы Аҟәеи Гагреи абжьаратә школқәа рҿы апробациа иахысит. Ашәҟәы маншәалоуп ахәыҷы аус ируразы, иаԥхьаратә шьцыларақәеи ихшыҩи рырҿиаразы, ибз аԥҽразы. Иара еиқәыдршәеит Земфира Ҵәыџьба, Хьыбла Шамба, Фросиа Хаҳәбиа. Иара убас аус адырулон арҵаҩцәа - Лиудмила Џьынџьиа, Лариса Басариа, Мадина Кәарҷиа.
Шьҭа 20 шықәса рҵаҩыс аус зуа Мадина Кәарҷиа лажәақәа рыла, уаанӡа иҟаз арҵагашәҟәы уадаҩуп иахьа ашколқәа рахь иааиуа ахәыҷқәа рзы, уи зыхҟьоугьы абызшәа ахьырзымдыруа ауп. Ашәҟәы ҿыц аус шадырулоз атәы далацәажәауа арҵаҩы илҳәеит, атемақәа зегьы еихышәшәо ишыҟоу.

«Иҳадырҵон атемақәа ирышьашәалоу атекстқәа рыԥшаара. Ажәытә шәҟәқәа, аҿатә шәҟәқәа, «Амцабз» ҳхы иархәаны доусы илшоз иԥшаауан. Нас иреиӷьыз алаҳхуан. Ҳара ҳаилатәарақәа рҿы атекстқәа ҳаркьаҿуан, иаҳа ирмарианы иҟаҳҵон. Ашәҟәы аԥышәа змоу арҵаҩцәа ракәым, ҿыц иалаго рзгьы ирзымариахоит аус адулара», - ҳәа азгәалҭеит Кәарҷиаԥҳа.

Ашәҟәы аӡыргараҿы аиқәыршәаҩцәа ирҳәон, ахәыҷқәа ирызку, атема иақәшәо атекстқәа рыԥшаара шыуадаҩыз. Аспециалистцәа рхала ашәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа аус рыдыруланы, иажәхьоу ажәақәа алыршәшәаны, атекст ахәыҷқәеи аҭаацәеи рзы иаҳа имариахарцаз аамҭа ианаало адаптациа азыруан. Апедагогика аинститут аспециалист Фросиа Хаҳәбиа иазгәалҭеит, хықәкыс ирымаз, ахәыҷқәа ироуран иҟоу адыррақәа, урҭ иажәабжьқәаны, иажәеинрааланы, иара иқәра иаҵанакуа, ипсихологиа иаҵанакуа аҩымҭақәа рышьақәыргылара ауп.

«Апоезиҿы, апрозаҿы иҳамоу аҩымҭақәа зегьы ҳрылсит. Убрантә еизаҳгеит ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуаз, ирызҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоз. Аха, уи мацара азымхаӡеит, урҭ аҩымҭақәа еиҭа аус рыдаҳулон, ажәақәа ҳармарион. Иахьа ишьақәҳаргылаз арҵагашәҟәы, сгәы иаанагоит ахәыҷы ихатәы литературахь агәыбылра инаркып ҳәа», - лҳәеит аиқәыршәаҩ.
Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба лажәақәа рыла, ашәҟәы аиқәыршәараҿы хшыҩзышьҭра аҭан ашәҟәы сахьала арҩачарагьы.

«Ахәыҷы ашәҟәы аартны данагәыдыԥшылалак, атекст еиқәаҵәаӡа, ирдууны иҟаҵаны ианибалак, даԥхьаргьы иҭахӡам. Ашәҟәы анааиртлак, сахьала ирҩычаны, ашрифт рҟәазны, атекст ахаҭагьы маҷны, илахь иаауа ианибалак, хымԥада, аинтерес икуеит, егьы адаҟьагьы ааиртыр иҭаххоит. Аԥхьара агәаҳәара иоуа ишьақәгылоуп ҳәа сгәы иаанагоит иахьатәи амш азы иӡыраҳгаз арҵагашәҟәы. Уаҟа иалагалоуп еиуеиԥшым адҵақәа, иара ихала ихы аус адиулартә еиԥш, анҭыҵгьы џьара ԥшаарақәак идуп, уигьы аинтерес изцәырнагозароуп», - ҳәа лҳәеит Шамба.

Ашәҟәы иагәылоу атекстқәа ахҳәаа рыҭауа Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ азҿлымҳара алҭеит, иасхьаркны аԥхьара аҵакы.
«Ахәыҷтәы литератураҿы зықәра маҷу ахәыҷқәа ирзааигәо аҩымҭақәа рацәаӡам. Ажәеинраалақәа рыла ишьақәгылоу атемақәа ыҟоуп ирацәаны ашәҟәаҿы, аха уи иаанагаӡом урҭ зегьы ҿырҳәала иҵароуп ҳәа, уи аҩыза адҵа иаҳҭар, игәы ахнаршәоит. Акы исахьаркны аԥхьашьа иҵар алшоит, егьы ҿырҳәала. Иҟоуп агәаанагара исахьаркны аҵара мариоуп ҳәа, аха уи ус акәӡам. Ахәыҷы ажәеинраала данаԥхьо, ишахәҭоу еиԥш ақәыӷәӷәарақәа ҟаҵаны, иаҭаху ажәақәа алкааны, аԥсы ахаҵаны дзаԥхьар, ҿырҳәала аҵарагьы изымариахоит. Ус имариаӡам исахьаркны аԥхьара, уи аҵак ду амоуп», - ҳәа лҳәоит Шамба.
Ҿыц еиқәыршәоу аҩбатәи акласс азы алитературатә ԥхьара ахәыҷқәа рнапаҟны иҟалоит цәыббрамза аказы.


Read 218 times - Амҽыша, 26 Мшаҧы 2026 15:09