Print this page
вчера 0:01

Хана Гәынба: афорум ахықәкы хада арҵаҩы изанааҭ аҳаҭыр ашьҭыхра ауп

Пицунда имҩаԥысуеит ҳтәыла араионқәа зегьы рҟынтә аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа еидызкылаз афорум. Аԥсны аҵара аминистр «Аԥснымедиа» иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, арҵаҩцәа русураҿы акырӡа шаҵанакуа аԥышәаеимдара.

«Ахәыҷқәа атема рызнагашьа аметодикақәеи арҵагашәыҟәқәеи реиҭахәаԥшра аҭахуп. Аамҭа иара атәы агоит, аҽаԥсахуеит, рҽырыԥсахуеит ахәыҷқәа. Иҟоу аиҭакрақәа зегьы ҳара ишахәҭоу ҳацныҟәартә еиԥш, ҳашьашәалартә еиԥш иаҭахуп арҵаҩцәа рыбжьара аимадара. Арҵагашәыҟәқәа рызҵаара, изеицәаҳӡари, ибзианы иаҳдыруеит иахьа, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳамоуп рхархәараҿы. Убри аҟынтә иаамҭоуп иаартны ацәажәара», - ҳәа азгәалҭеит Гәынба.

Аҵара аминистр лажәақәа рыла, гәаарак ҟамҵакәа арҵагашәыҟәқәа аԥызҵои еиқәзыршәои хаҭала урҭ зхы иархәаны аԥышәа змоу арҵаҩцәа ргәаанагарақәа азгәаҭаны, ииашоу амҩа азылхтәуп.
Хана Гәынба илҳәеит, афорум ахықәкы хадақәа ишреиоу арҵаҩы изанааҭ аҳаҭыр ашьҭыхра.
«Ашколқәа рҿы ашкол анапхгара инарываргыланы аҳра рымоуп хаҭала аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа. Арҭ аспециалистцәа ирызнарго аҳәынҭқарратә бызшәоуп, уи аҳәынҭқарра аҿиараҿы иааннакылоит ихадароу аҭыԥ», - лҳәеит лара.
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум иалахәуп 250 арҵаҩцәа. Иара хыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.


Read 54 times