Print this page
сегодня 20:58

Аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа рфорум аатит Пицунда

Иара еиднакылеит 250 рҟынӡа Аԥсны араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа. Афорум аартра иалахәуп атәыла анапхгара, Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, аҵарауаа.

Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа лықәгылараҿы илҳәеит, аԥсуа бызшәа ицәырнагоу ашәарақәа гәцаракны ишрымоу атәы.

"Иахьа уажәраанӡа абызшәа еиқәырханы иаазгаз, зус ҳәынҭқарратә уалԥшьаны изнеиуа аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа шәоуп. Иаамҭаны исыԥхьаӡоит иаартны иҳагу иҳабзоу алацәажәара", - ҳәа азгәалҭеит лара арҵаҩцәа рахь лхы нарханы.
Хана Гәынԥҳа еизаз идлырдырит иахьа Аҳәынҭқарратә бызшәа арӷәӷәаразы ицо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Афорум хыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.


Read 32 times - Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 18:07