Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит – Аԥсны Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.
«Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект алицензиа аиура, алицензиа аҽҳәара ацҵара азы, иара убас аимадара ахархәагақәеи аимадара амаҵзурақәеи рзы анормақәа реишьашәалара азы адекларациа ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа ашьақәыргылара азы азакәан анормақәа рынагӡара азы идәықәҵоуп», - ҳәа илҳәеит сказала Н. Р. Ломиа.
Алицензиа аиура, алицензиа аҽҳәара ацҵара азы аҳәынҭқарратә баџь 50 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит, аимадара ахархәагақәеи аимадара амаҵзурақәеи рзы анормақәа реишьашәалара азы адекларациа ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа - 1000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.