Аԥшаҳәаҿы активла аусурақәа цоит, аграфик ақәныҟәаразы ҩ-бригадак аус руеит.
Иара убасгьы, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба дазааҭгылеит Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара иҟоу аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы. Абаҟеи уи иаԥну аҵакыреи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахарџь ала.
Аиааира амш аҽны ақалақьуааи аҳҭнықалақь асасцәеи ирҿыцу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афырхацәа ргәаладыршәарц азы аусурақәа хыркәшахоит лаҵарамза 9 аламҭалазы.
