Print this page
сегодня 19:03

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аусура иалагеит аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны - 2026»

Адевиз «Иҭышәынтәалоу аҿиареи, аԥхьагылареи, аинновациеи» зманы имҩаԥысуа ҩымштәи аусмҩаԥгатә еизнагеит абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа, аекспертцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа.

Афорум мҩаԥыргоит ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аҳәса наплакыҩцәеи» Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала.

 

Аусмҩаԥгатә аҵакы змоу арыцхә иадҳәалоуп,  аиҿкаара «Аԥсны аҳәса наплакыҩцәа» 25 шықәса ахыҵра иазкуп.

2000-тәи ашықәсқәа рылагамҭа инаркны аиҿкаара аҳәса рлагалақәа ацхыраара аҭаразы платформа хаданы иҟоуп. 25 шықәса ирылагӡаны уи  аҳәса наплакыҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа адгылара рнаҭоит,  иагьалнаршеит ареспубликаҿы ақәҿиара змоу абизнес-проектқәа рынагӡара.

Афорум аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара  адепутатцәа, абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа.

Афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп Аԥсны аҳәса рнаплакқәа рыҿиашьа аарԥшра, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы раԥхьатәи аԥшьгарақәа инадыркны ҳаамҭазы ишәхьоу, аицлабра зылшо аҿырԥштәқәа рӡыргара.

Аусмҩаԥгатә аартра иадҳәалоуп абизнес знапы алаку аҳәса рықәҿиарақәа ирызку ажурнал «Леди-босс» аҭыжьымҭа ҷыдагьы.

Апрограммаҿы иазԥхьагәаҭоуп аиҿцәажәарақәеи аинновациатә проектқәа рӡыргареи.


Read 30 times