Print this page
сегодня 14:55

Аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит О.Туманиан ихьӡ зху ашкол №9 аҿы

Агеноцид иалаӡыз ргәаладыршәарц имҩахыҵит аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанбеи Вараздаҭ Миносиани, Аԥсны аерманцәа рхеилак ахаҭарнакцәа.   

Есышықәса, мшаԥымза 24 рзы ашкол аҿы имҩаԥыргоит Османтәи аимпериаҿы аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара иазку алахьеиқәҵаратә митинг. Ари аҽны изҭаху зегьы ашкол ахь инеиуеит, иҭахаз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркуеит.  Аҩналарҭаҿы ишьақәыргылоуп аерманцәа ргеноцид азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәеи 110 шықәса раԥхьа иҟалаз ахҭысқәа ирызку афотоцәыргақәҵеи.

Ашкол аҿы имҩаԥысуа алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь, акциа алахәылацәа Диаскураа рыԥшаҳәаҿы амшын ашәҭқәа аладыршәит.

Асааҭ 14:00 рзы Гагра ақалақь аҿы иҟоу аерман апостолтә уахәама Сурб Аменапркич аҟны Аԥсны аерманцәа рдоуҳатә папы Тер Седрак (Азнавуриан) аныҳәара мҩаԥигоит. Анаҩс ауахәама ашҭаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит.


Read 40 times