Print this page
27.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТ ИРЕИҲАУ АҴАРАДЫРРА ИМАЗАР АКӘХОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхрақәа рзы «Аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Аиҭакрақәа адепутатцәа рҵарадырратә ценз иадҳәалахеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

«Апарламент ахь ицо ауаа иреиҳау аҵарадырра рымазароуп. Ари даараӡа акыр аҵанакуеит. Апарламент ауа зықәныҟәо азакәанқәа здызкыло аусбарҭа ауп. Сара аҳәара ҟасҵоит абри аиҭакра адгылара ашәҭарц», - ҳәа иколлегацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба.

Адепутатцәа еицҿакны ирыдыргалаз аиҭакра азы рыбжьы рҭиит.  

Ирыдыркылаз аиҭакра инақәыршәаны, Апарламент адепутатс далхзар ҟалоит абжьыҭира амш аҟынӡа 25-шықәса зхыҵхьоу, иреиҳау аҵарадырра змоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ.  


Read 404 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 22:41