Аԥҟара инақәыршәаны ахәцҵа роуеит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ртәанчахәқәа, ма егьырҭ рсоциалтә шәарақәа змоуа Аԥсны атәылауаа.
Ишьақәыргылоуп есымзатәи ахәцҵақәа рышәагаа:
5 500 мааҭ — атәанчаҩра зықәра аҵанакуеи зџьа азхои рзы, иара убас аџьа аинвалидцәа (I, II, III агәыԥқәа);
5 000 мааҭ — аҳаҭыртә хьыӡқәа змоу атәанчаҩцәа («жәлар», «зҽаԥсазтәыз аусзуҩ»), ашахтиорцәа, аӡӡеи ицәыӡра инамаданы атәанчахәы зауа ахаҿқәа, иара убас аиаҭымцәа;
4 950 мааҭ — ақәреи аинвалидреи рзы асоциалтә тәанчахәқәа зауа;
4 000 мааҭ-ихәыҷаахыс аинвалидра змоу (I, II агәыԥқәа, иара убас 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа).
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра анапынҵа аҭоуп 2026 шықәса лаҵарамза акынӡа аԥҟара ҿыцқәа ирыҵаркуа рсиақәа шьақәнаргыларц азы. Раԥхьаӡа акәны ахәцҵа аиуразы иадҵаало, уи рзыԥҵәахоит арзаҳал анынарышьҭ аҽны инаркны.
