Аусбарҭа ҿыц аԥҵара хықәкы хадас иамоуп атәылауаа иаалырҟьаны ирҭаххо асоциалтә, апсихологиатә, азиндырратә цхыраара рыҭаразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз, хылаԥшрада иаанхаз зықәра намӡац ахәыҷқәа рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа, ршәарҭарада.
Адҵа инақәыршәаны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра анапынҵа аҭоуп Ацентр аусуразы иахәҭоу аиҿкаара-зинтә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы.
«Аҭаацәаратә ҩны» аԥҵара ахәыҷы изинқәа рыхьчареи Аԥсны ауааԥсыра рсоциалтә цхыраара асистема арӷәӷәареи рзы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.
