Иаку аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара операторс иалхуп Атәылахьчара аминистрра.
Аусшәҟәы инақәыршәаны Атәылахьчара аминистрра ахахьы иагоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, атыл аветеранцәеи, ареспублика аҵакыраҿы аибашьра алахәылацәеи ирызку иарку адыррақәа рбаза амҩаԥгаразы афункциақәа.
Ахьӡынҵа аԥҵахоит 2023 шықәса ԥхынгәымза 17 рзы ирыдыркылаз «Аветеранцәа рзы» азакәан инақәыршәаны.
Аиҿкаара аԥҟара хадақәа:
Аинформациа аԥшаара: адыррақәа аркуп, дара аветеранцәеи, урҭ рҭаацәеи, рҭынхацәеи, иара убас асоциалтә хьчара ауснагӡатәқәа мҩаԥызго азинхьчаратә, аӡбаратә, усбарҭақәеи разыҳәара инақәыршәаны ауп ишрыҭахо. Адыррақәа рыҭара аҿҳәара-аусуратә мшқәа хԥа иреиҳам.
