Print this page
сегодня 20:39

Очамчыра араион ақыҭақәа хԥа рҿы амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылеит

Очамчыра араион ақыҭақәа хԥа рҿы, ианиаамҭаз аԥсуа литература абду, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа аус ахьиуаз ашколқәа рҿы амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылеит.

Амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылеит: Кындыӷ (1905-1908), Тамшь (1908-1912), Кәтол (1904-1905).

Д.И. Гәлиа иԥсҭазаара даналҵыз амш аҽны (1874-1960), мшыԥымза 7 рзы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала алитераторцәа арҭ ах-қыҭак ирҭааит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Кындыӷ ақыҭа ашкол ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирблит. Ари аҭыԥ аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи рҿы иҭахаз ақыҭауаа рмемориалтә комплекс дыргылеит. Абаҟа азааигәара, ақыҭа ахадара ашҭаҿы иаартуп Д.И. Гәлиа ихьӡала амемориалтә ӷәы ахьықәгылоу ақьашана.

Амемориалтә ӷәы аартра ацеремониаҿы иқәгылеит: ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В.Аԥҳазоу, апоетесса Гә. Кәыҵниа, ашәҟәыҩҩы Х. Қәҭарба. Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Ашкол адиректор М.Алҭеиба аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Анаҩсан асасцәа аҭааит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ. Д.И. Гәлиа имемориалтә ӷәы аартраан иқәгылеит В. Аԥҳазоу, Гә. Кәыҵниа, Х. Қәҭарба, Гә. Сақаниа. Аҵаҩцәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Ашкол адиректор Ҳ.Зақараиа иҭабуп ҳәа ралҳәеит амемориалтә ӷәы ашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз, агәалашәаратә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз зегьы.

Амемориалтә ӷәы аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Кәтол ақыҭаҿгьы.


Read 24 times