Print this page
вчера 22:17

Бадра Гәынба: афорум алахәылацәа Аԥсны аекономика ахырхарҭа хадақәеи апроектқәа рынагӡареи ирылацәажәеит

«Урҭ аҿиаразы алшара ду змоу ақыҭанхамҩа, атуризм, аинфраструктура, аенергетика реиԥш иҟоу хырхарҭақәоуп. Иарбоу ахырхарҭақәа ҳара ҳзы актуалра рыманы иаанхоит, уи ҳара аус адаҳулоит», – иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

Ихадоу ҳәа иаликааит атранспорттә инфраструктура аҿиара. Аҟәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аартреи аихамҩатә еимадара аҿиареи раԥхьатәи шьаҿа дуқәоуп.

«Насгьы, ҳәарада, иҟоуп аус здаҳулаша, аидарақәеи апассаџьырцәеи рымҩангара амҽхак иацҵатәуп. Абри аганахьала ҳара ԥхьаҟагьы аус ҳаулоит», – иҳәеит иара.

Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала имҩаԥырго Аԥсны аенергетикатә система аиҭашьақәыргылара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан. Ареспублика Ахада Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко активла дшалахәу ари астратегиатә ҵакы змоу аекономика аусхк аҿиара иазырхоу апроектқәа рынагӡара.

Ари ахырхарҭала ашьаҿақәа ируакуп афымцамч аҳасабырбагатә мыругақәа рышьақәыргылара. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, уи иалнаршоит афымцамч азымхара акыр армаҷра, уажәазы уи 600-700 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Афымцамч ахархәара абжанӡа иаҳзырмаҷыр, ахарџь акыр еиҵахоит.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит арҭ ахырхарҭақәа аԥыжәара шрымоу, ԥхьаҟа арҿиарагьы шаҭаху.

Агроааглыхратә сектори иааидкыланы ақыҭанхамҩеи рыҿиара Аԥсны ахырхарҭа хадақәа ируакхароуп.

«Аԥсны ари аусхк аҟны алшара ду амоуп, хымԥада уи адгылара аҭахоит», — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны ақыҭанхамҩатә усхк аӡа аҭыжьра адагьы аалыҵ аус адулара иазхьаԥшлароуп. Ихадоуп ихиоу аалыҵ ишиашоу аҳәаа ахыгара. Уи ашәахтә лагалақәа иацырҵоит, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа аԥырҵоит.


Read 67 times - Асабша, 04 Мшаҧы 2026 16:21