Print this page
вчера 21:36

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ареспубликатә шьадатә центри Аҟәа идыргыло ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи ирҭааит

Агәаҭара иара убасгьы ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иатәу, академик Е.И. Чазов ихьӡ зху акардиологиа НМИЦ аспециалистцәа рыцхыраарала 2025 шықәсазы иаԥҵаз ацентр Аԥсны зегьы аҟынтәи ачымазаҩцәа ацхыраара рнаҭоит.

Ацентр анаадырт инаркны араҟа иԥырҟеит 200-ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа, урҭ рахьынтә 60% ирласны ацхыраара зҭатәыз ракәын.

2025 шықәсазы Урыстәыла иабзоураны Аԥсны азы иаахәан ангиографи амедицинатә маругақәеи, иартәеит 80 млн мааҭ рҟынӡа. Уи алыршахеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны. Амедицинатә мыруга ҿыцқәа рыла раԥхьатәи аԥҟара мҩаԥыргеит 2025 шықәса абҵарамзазы. Ҳаамҭазтәи амаругақәа аахәоуп Урыстәылатәи абиуџьет ахарџь ала.

Иара убас Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои зыргылара иаҿу Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа гәарҭеит. Аобиект аҵакыра 7000 м² ыҟоуп, иахьатәи аамҭазы иааиԥмырҟьаӡакәа аргылара цоит. Аусурақәа рылгара азыԥхьагәаҭоуп 2027 шықәса рашәарамзазы.

2026 шықәсазы Аԥсны иазыԥхьагәаҭоуп иаарту агәаҿы аԥҟара амҩаԥгара. Ари ахырхарҭала аусура алагара аԥсуа медицина зхаҭабзиара ҳараку, иҿыцу аҩаӡарахь инанагоит.

Авидео: Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.


Read 63 times