Сара ибзианы исгәалашәоит: 20-ҩык аиааира згаз ҟалоит ҳәа ҳанеицәажәаз, аԥхьахәқәа рзы 20 миллион мааҭ ҳаԥшааит. Аха аиҿкааҩцәеи аӡбаҩцәеи рыҽшазыршәазгьы 20 проект рҿы мацара аангыдара залымшахеит, избанзар проектцыԥхьаӡа аекономикатә шьаҭа анаҩсангьы ирылоуп шгәы -шәыԥсы, шәыдгьыл гәакьа гәык-ԥсыкала бзиа ишыжәбо аныԥшуеит», - иҳәеит Кириенко.
Иазгәеиҭеит алахәылацәа рқыҭа гәакьақәа ирыдҳәалаз апроект ссирқәа шыҟаз.
«Уи даара акраҵанакуеит, ҳара лассы-лассы иаҳҳәалоит: Аԥсны атуристтә усхк ахықәкы хадақәа ируаку амшын ссири аԥшаҳәеи рырҿиара амацара акәым ҳәа. Иҟоуп ашьхақәа рҿы аҭыԥ ссирқәа, иҟоуп Мрагыларатәи Аԥсны џьашьахәы, атуристцәа реиҳараҩык уахь макьана имнеиц, урҭ аԥшӡарақәа рымбац. Шәара шәидеиақәа иалдыршоит агеографиеи атуристтә аамҭахәҭахеи рырҭбаара. Аԥсны ибеиоу дгьылуп, ашықәс аамҭақәа зегьы раан иџьоушьа убоит.
Ҳара иҳаду ауалԥшьа аҵакы ӷәӷәа амоуп: Атәыла ахадеи ҳареи аиааира згаз рдипломқәеи миллион мааҭ ицоу асертификатқәеи ранаҳшьоит», - иҳәеит иара.
Аицлабраҿы аиааира ргеит 48-ҩык алахәылацәа.
Кириенко иазгәеиҭеит Аԥсны аԥсабара аԥшӡара Анцәа имҭаны ишыҟоу, асасдкылара акәзар ауаа ишырҟазшьа ҷыдоу.
«Сара агәра ганы сыҟоуп: шәыпроектқәа зегьы ишалдыршо шәыԥсадгьыл абзиабара аҟәырҷаха зықьҩыла, иҟалап миллионҩыла ауаа рымадара. Ишәыдысныҳәалоит!», - иажәа хиркәшеит Кириенко.
