Print this page
вчера 22:54

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект иалацәажәеит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа ақалақь аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргылара апроект иалацәажәеит.

Апроект нагӡахоит Самаратәи аобласти Самара ақалақьи алархәны, уи амшын аԥшаҳәа иаԥну аҵакыра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иазырхоуп. Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит аусурақәа шымҩаԥысуа самаратәи абизнеси ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла Афицарцәеи» рхатә аԥшьгарала.

Агәаҭараан ирылацәажәан аиҭашьақәыргылара ахәҭа хадақәа: иӡбан амҩасырҭаҿы ажәытә хаҳәҟьаԥс ықәыргарц, аҵакыра ҳаамҭазтәи аиқәыршәагатә елементқәа рхы иадырхәарц.

Аганқәа инаҵшьны иазгәарҭеит апроект анагӡара аҵак ду шамоу, ирҳәеит аԥшаҳәа арҿыцра Гәдоуҭа ақалақьтә ҭагылазаашьа аҿиараҿы шьаҿа дыны ишыҟало.


Read 35 times - Аԥшьаша, 02 Мшаҧы 2026 20:19