Иара убас аҳаирбаӷәаза атерминал аҿы Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ахәыҷтәы сахьаркыратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа» афиналистцәа рцәыргақәҵа гәарҭеит. Аицлабра х – номинациак рыла имҩаԥган: «Аԥсны ажәҩан», «Арӡынба иҳаирбаӷәаза», «Аиҩызара ацҳа: Урыстәыла-Аԥсны». Зынӡа иалкаан 27-ҩык алахәылацәа, иара убасгьы иазгәаҭоуп анапкымҭақәа 7, урҭ аҳаирбаӷәаза аҟынтәи аԥхьахә ҷыда ранашьоуп. Актәи аҭыԥқәа аанызкылаз алшара роуеит Москва иҟоу Амилаҭтә центр «Урыстәыла» ахь ацара.
32 шықәса рышьҭахь раԥхьатәи ареис атәыла аҳаирбаӷәазахь инеит 2025 шықәса лаҵарамза аказы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
