2026 шықәса жьҭаарамза аҽеиҩшамҭанӡа ареисқәа мҩаԥыргалоит иманшәалоу 50 ҭыԥ змоу канадатәи аҳаирпланқәа Bombardier CRJ100/200.
Амҩа иқәхоит х-сааҭки 20 минуҭи. Абилеҭқәа рыхәԥса шьақәгылоуп 8 609 мааҭ инаркны.
«Аҟәеи Уфеи рыбжьара ареис иалнаршоит Аԥсны ауааԥсыра Башкортосҭанҟа рцара арманшәалара. Ахырхарҭа ҿыц иабзоураны аԥсшьаразы еиԥш ахатә хықәкқәа рзгьы аныҟәарақәа рхыԥхьаӡара рацәахоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ахырхарҭа атуристтә сезон аан азҿлымҳара бзиа шаиуа ала», – ҳәа ахҳәаа ҟаиҵоит авиаеилахәыра «РусЛаин»ахырхарҭақәеи аҭирақәеи рыкаҭа адепартамент адиректор Ростислав Петров.
