Print this page
сегодня 18:49

Сергеи Назаров: Аԥсны алшара дуқәа амоуп

Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа»- зымҽхак ҭбаау усмҩаԥгатәуп, уи аҵакы ахә ашьара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.

Иара иҳәеит ареспублика аҳәаанырцәтәи абизнес иаҟәыҭханы ишыҟоу, урыстәылатәи анаплакыҩцәа аус рыцура ԥхьаҟатәи аҿиара ишацхраауа.

Назаров иазгәеиҭеит Аԥсны иуникалтәу агеографиатә ҭагылазаашьа иабзоураны алшара дуқәа шамоу.

«Сгәанала зхала зхы ныҟәызго ҳәынҭқаррак аҳасабала аҿиаразы алшара бзиақәа ыҟоуп»,- ҳәа Sputnik Аԥсны иаанацҳауеит Назаров иажәақәа.

Сергеи Назаров игәалаиршәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра Аԥсны аекономика аусхк хада-атуризм арҿиара ишацхраауа: азинҷыда змоу акредит аҭара апрограмма аус шауа, аглемпингқәа рыргылара адгылара шанаҭо, атранспорттә еимадара шыбжьо.

«Аԥсны алшарақәа еилызкаауа сколлегацәа зегьы афорум ахь ааԥхьара рысҭоит. Аԥсны бзианы иззымдыруа ракәзар, афорум рхы аладырхәыр еилыркаауеит ари аинвестициақәа рзы акыр улаԥш зыдхало ҭыԥны ишыҟоу» — ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.


Read 43 times