«Ҳара ҳзы ари акыр зҵазкуа проектуп, уи анагӡара иалнаршоит аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара», - ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба, иагьациҵеит ақалақьтә маҵзурақәеи урыстәылатәи аекспертцәеи русеицура алҵшәа бзиақәа аиуп ҳәа игәы ишаанаго.
Хәажәкырамза 31 инаркны мшаԥымза 4-нӡа имҩаԥыргоит агәаҭарақәа, ақалақьргыларатәи атехникатәи ҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит. Апроект анапхгаҩы Ованес Мелкониан ишьақәирӷәӷәеит аилахәыра иалшоу зегьы шыҟанаҵо ақалақьтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы.
«Атранспорт ишиашоу ауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиареи ақалақь ауааԥсыра рырманшәалареи иадҳәалоуп. Ҳара иҟоу ауадаҩрақәа ҭаҳҵаахьеит, урҭ раԥыхразы хаҭала ҳааит», - ҳәа ҳаилиркааит иара.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациа ахадара апрофильтә специалистцәеи дареи ахырхарҭа хадақәа ирылацәажәараны иҟоуп, аҵакыратә планҟаҵаразы аусшәҟәқәа еиқәдыршәоит. Уажәтәи аетап аан ироуз адыррақәа ҳасаб рзуны, аконцепциа анаҩстәи ашьақәгылашьа Москва иацҵахоит. Апроект анагӡаразы аҭакԥхықәра идҵоуп Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
