Print this page
31.Хәажәкыр.2026

Имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аилатәара

Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз ақәҵара «Аԥсны аҳәынҭқарра астратегиатә обиектқәа рсиазы» алацәажәара иазкын аҳәынҭқарра-зинтә политика апарламенттә еилакы аилатәара маԥысит.

Дмитри Маршьан ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәара иалахәын Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, адепутатцәа, азиндырыҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

«Аԥсны аҳәынҭқарра астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны Аминистрцәа Реилазаара ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар Реизарахь инанашьҭуеит астратегиатә обиектқәа рсиа.

Астратегиатә обиектқәа рахь иԥхьаӡоуп: аенергетика, атранспорт, аимадара, атәылахьчаратә ҵакы змоу, агәабзиарахьчара, аҵарадырра уҳәа ирыдҳәалоу аобектқәа.

Аилатәараан аилак алахәылацәа иазгәарҭеит ирыдгалоу асиа инҭырҳәцааны аҭҵаара шхымԥадатәиу. Аусшәҟәы ахәаԥшра иацҵахоит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәарақәа раан.


Read 41 times