Аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа ируалуп ԥхынҷкәынмза 15-нӡа апланқәа рышьақәыргылара, урҭ рынагӡаразы аҳасабырбақәа — аҳасабырбатә квартал иашьҭанеиуа амза 20-нӡа азырхиара.
Ақәҵара анагӡараҿы иҷыдоу ароль азоужьуп аекономика аминистрра. Урҭ рколлегацәа аметодикатә цхыраара рырҭоит, анаплакқәа русуразы аекономикатәи аиҿырԥшратәи анализ ҵаула мҩыргоит. Есышықәса, мшаԥымза акынӡы аекономика аминистрра Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭлоит наплакыцыԥхьаӡа русура арманшәаларазы абжьгарақәа зну аҳасабырбақәа.
Иара убасгьы уи иадҳәалоу аусбарҭақәа анапынҵақәа рыҭоуп:
Аиустициа аминистрра анапынҵа аҭоуп 2027 шықәса ажьырныҳәамза акынӡа ареспубликатә унитартә наплакқәа зегьы русшәҟәқәа азакәанԥҵара иахьынӡақәшәо гәарҭарц.
Аԥсны афинансқәа рминистрра анапынҵа аҭоуп 2026 шықәса ԥхынҷкәынмза акынӡа анаплакқәа русура афинанстә хылаԥшра арӷәӷәаразы ажәалагалақәа азнархиарц.
Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аиҭарц идҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Аусшәҟәы амчра аиуеит 2026 шықәса жьҭаарамза 1 инаркны.
