Print this page
вчера 23:46

2025 шықәсазтәи абиуџьет ахашәалахәы 17,89 млрд мааҭ артәеит, ахарџь - 15,9 млрд мааҭ

Хәажәкырамза 30, рзы аминистрцәа реилазаара 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет анагӡаразы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.

Аҳасабырба инақәыршәаны ашықәс афинанстә рбага хадақәа абас иҟоуп:

абиуџьет ахашәалахәы иартәеит 17 млрд 88 млн 989,5 нызықь мааҭ рҟынӡа;
ахарџь иартәеит 15 млрд 905 млн 310,3 нызықь мааҭ.

Ашықәс аихшьалақәа рыла ахарџьқәа раасҭа ахашәалахәқәа акыр еиҳахеит.

«2025 шықәсазтәи абиуџьеттә политика алҵшәа ду аанарԥшит: ахашәалахәқәа аплантә рбагақәа иреиҳахеит, убри аан анаҩстәи аизҳаразы алшара ду еиқәнархеит. Уи аҳәынҭқарра иалнаршеит уажәтәи адҵақәа рынагӡара адагьы аныхратә хыдҵа ҿыцқәа рышьақәыргылара, изныкымкәа ишьҭыху асоциалтә шәарақәагьы налаҵаны», - ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.

Делба иажәақәа рыла, агәабзиарахьчара асистема зеиԥш ҟамлац аԥаразоужьра аиуит (760 млн мааҭ инареиҳаны), ас еиԥш адгылара иацҵахоит.

Аенергетика
Аенергетикатә усхк адгыларазы иазоужьын 1,2 млрд мааҭ. Аԥарақәа рӷьырак (850 млн мааҭ) Урыстәылатәи Афедерациантәи иаарышьҭуа афымцамч ахә ахшәаарахьы ирышьҭит, 190 млн шьҭын аҳасабырбатә мыругақәа рышьақәыргыларазы.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны амашьына мҩақәа реиҭарҿыцразы иазоужьын 1 млрд мааҭ. Арҭ аԥарақәа иалдыршеит еиҭадырҿыцуа амҩақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, иазԥхьагәаҭоу арҽеирақәа қәҿиарала рхыркәшара.

«2026-тәи ашықәс азгьы ари ахырхарҭала аусура иацҵахоит», — ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.


Read 17 times