Print this page
вчера 21:16

Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит лаҵарамза 9 аламҭалазы

Рауф Ҳаразиа атәыла ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аиҭашьақәыргыларазы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.

Ҳаразиа иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит аиааира амш аламҭалазы, лаҵарамза 9-нӡа.

«Асолдаҭ ихаҿсахьеи абаҟа ахаҭеи еиҭашьақәыргылоуп. Уажәшьҭа ишьҭаҳҵоит агранит, аҳаш ҳрыцқьоит. Иҿымцәаауа амцазы агазгольдер ҿыц шьақәыргылоуп, аусурақәа зегьы хыркәшахоит аныҳәанӡа», - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.


Read 34 times - Асабша, 28 Хәажәкыр 2026 16:50