Print this page
сегодня 16:10

Аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи аекономикатә форум далацәажәеит

«Атәыла ахада иаԥшьгарала мшаԥымза 2-4 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа».

Имҩаԥысраны иҟоу афорум ҳтәыла аекономикатә политика иацнаҵоит», – иҳәеит Делба.

Иара иажәақәа рыла, афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп Аԥсны аинвестициатә лшара аарԥшра, адәныҟатәи алахәылаҩцәеи ҳареи ҳусуратә еимадарақәа рырӷәӷәара, аусутә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иалкаау амеханизмқәа аус рыдулара, атәыла аекономикахь ишиашоу аинвестициақәа ралагалара.


Read 41 times - Ахәаша, 27 Хәажәкыр 2026 13:02