Print this page
вчера 22:43

Пицунда аҿиараҿы абиуџьеттә реформеи афинанстә хьыԥшымреи акрызҵазкуа шьаҿоуп

Аԥсныпресс аинтервиу аҭо ақалақь ахада Рустам Агрба еиҭеиҳәеит афинанстә хьыԥшымра аҵак ду шамоу. 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет иартәоит 56 млн мааҭ.

Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит Пицунда абиуџьеттә статус аԥсахра ишалнаршо аԥарақәа еиҳа хра рыманы реихшареи ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны рыӡбареи, еиҳаракгьы атуристтә сезон аан.

«Ҳара ақалақь аҿиараҿы акыр ԥхьаҟа ҳаԥшлароуп,» — иҳәеит ақалақьтә шәахтә шьаҭа ишазҳауа азгәаҭо. Уи азы иаԥҵатәхоит афинанстә ҟәша. «Ақалақь аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи аинфраструктура арҿыцреи рзы иазоурыжьуа аԥара иацҵатәуп», —  азгәеиҭеит Агрба.

Иара убасгьы, атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рфинанстә хьыԥшымра иазкыз аԥшьгара иахьадгылаз азы.


Read 43 times