Print this page
сегодня 13:27

Ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭара иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы

Аԥыза-министр Владимир Делба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа ирыхәаԥшын ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭаразы аҳәынҭқарра ахада идҵақәа рынагӡара азҵаарақәа.

Аилацәажәараҿы иазааҭгылеит аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Ақыҭа рҵаҩы» аус адулареи алагалареи ирызкыз азҵаарақәа, хықәкыла иазааҭгылан ақыҭа школқәа рҿы аҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳара арҵаҩцәа ҿарацәеи аԥышәа змоу арҵаҩцәеи адгылара рыҭара,аусуразы агәацԥыҳәара рызцәыргара.

Аԥсны ақыҭа школқәа 112 рҿы аус руеит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны арҵаҩцәа.

Аилацәажәара рхы аладырхәит аҵара аминистр Хана Гәынба, ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Роман Дбар, ААУ аҭҵаарадырратә усуразы аректор ихаҭыԥуаҩ Џьульетта Адлеиба, иара убас Аҵара Аминистрра, ААУ, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра, афинансқәа Рминистрра рхаҭарнакцәа.


Read 65 times