Иҷыдоу арратә операциа алахәылацәеи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи рҿаԥхьа дықәгыло, иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала еибашьуа руаажәларратә миссиа аҵак ду.
«Еилаҳкаауеит, ҳара ҳзы аибашьра шынҵәо ҳхәыҷқәа рзы ашәара ҳанаҟәыҵлак ашьҭахь», - иҳәеит «Пиатнашка» акомандир.
Иара иажәақәа рыла аветеранцәа афронт анҭыҵгьы русура иацырҵоит. «Уажәы ажәыларақәа ҳрылахәымзаргьы, уи иаанагаӡом ҳус аанҳажьит ҳәа. Ҳара ауаажәларратә усқәа ҳарҿуп, аҿар рымҩақәҵара ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа Рассоциациа алалара далацәажәо Ахра Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара шхымԥадатәиу: «Иахьа ажәабжьқәа ирыбзоураны ҳаилызкаауа рацәаҩуп, аха жәашықәса рышьҭахь уи иалахәыз рыда аӡәгьы ҳаиликаауам».
Иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа Рассоциациеи «Ԥсра зқәым Урыстәылатәи аполки» еиҿнакааз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, уи атәыла ахада иԥсшәаҳәаратә шәҟәы даԥхьеит. Асессиа мҩаԥысуеит ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.
