Print this page
сегодня 19:29

Аԥсни Урыстәылеи ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аусхк аҟны русеицура дырҭбаауеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дызҭааз Москватәи афорум аихшьалақәа ҟаиҵеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа инапы аҵаҩит.

«Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои сареи ҳнапы зҵаҳҩыз аусшәҟәы акрызҵазкуа шьаҿоуп. Аԥсахрақәа азкуп Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо атәылауаа рзы ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса асистема, урҭ урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ацхыраара роуразы аԥҟарақәа дырмариоит», - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.

Аминистр иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгара атәылауаа рзинқәа акыр иарҭбаауеит. Уажәшьҭа Урыстәыла амедицинатә цхыраара аиура алыршахоит, аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы адагьы, уи ацынхәрас рхы иадырхәар ҟалоит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәи ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсеи.

Аусшәҟәы хара имгакәа ишьақәырӷәӷәахоит.


Read 45 times - Ашәахьа, 23 Хәажәкыр 2026 16:17