Print this page
сегодня 19:48

«Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа рыхьчара мҩаԥысуеит «Сенеж» аҟазарҭаҿы

14 команда иӡырыргоит аҭҵаарадырреи, ажәабжьқәеи, атрадициақәеи, ажәла аҭоурыхи, атуризми, ачысҟаҵареи уҳәа ирызку рыпроектқәа.

Акомиссиа ахантәаҩы Алхас Ҷолокәуа алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Аӡбаҩцәа реилазаара иалоуп «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуеи «Sputnik Аԥсны» адиректор хада Руслан Бганбеи.

Апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» хацыркхеит 2025 шықәса жьҭаарамзазы. Актәи ҩ-хәҭак мҩаԥысит Пицунда, анаҩстәиқәа ҩба аҟазарҭа «Сенеж» аҿы. Урҭ ирылахәын 50-ҩык инареиҳаны Аԥсны амедиа аусзуҩцәа.


Read 37 times