Print this page
вчера 0:53

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд алагеит Женева

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Кан Ҭаниа.

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩрала.


Read 44 times