«Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи, ауахәама аусзуҩцәеи, Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи гималаитәи аныҵлеи ачамҳаши ауахәама аҭӡамцқәа рҿаԥхьа еиҭарҳаит. Арҭ аҵлақәа ԥхьаҟатәи абиԥарақәа аҭоурыхтә гәалашәара рзаанзыжьуа баҟаны иҟалоит», – ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
2025 шықәсазы ауахәама аҿаԥхьа ишьақәыргылан 1992-1993 шықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахази хабарда ибжьаӡызи рыхьӡала жә-саркьалк рыла ишьақәгылоу аҵәҵәа.
