Егрытәи аӡфымцатә станциа аресурсқәа реиҷаҳара хықәкыс иҟаҵаны 2025 шықәса нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа «Амшынеиқәафымцамч» ахархәагақәа рыла иаахәан 540,7 млн мааҭ рыхә акоммерциатә фымцамч, анаҩс ахархәара аҭан Урыстәылантәи асоциалтә фымцамч.
Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба аԥыза-министр адырра ииҭеит афымцамч гәазҭо амыругақәа рышьақәыргыларазы аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысуа, дазааҭгылеит атәыла ахада иқәиргылаз адҵақәа ҳасаб рзуны апрограмма анагӡаразы ԥхьаҟатәи агәҭакқәа ртәы.
Аиԥылараҿы иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз,«Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
