Уаанӡа архитектура-сахьаркыратә лашара ықәыргылан Ԥақәашьтәи Мықәтәи ауахәамақәа рҿы, Бедиатәи аныхабааҿы, Гал ақалақь акультура аҩнаҿы, Очамчыра ақалақь ахадара ахыбраҿы.
Апроект нанагӡеит «Аԥсны акоманда». Алашара иабзоураны арҭ ахыбрақәа рыԥшӡареи рҭоурыхтә ҵаки ахәылбыҽха улаԥш иҵашәалоит.
