Print this page
вчера 22:24

Санкт-Петербург Аҟәа ҳамҭас атроллеибусқәа анаҭеит

Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩадатәи аҳҭнықалақь ахада инапынҵала Аҟәаҟа ишнаргаз атроллеибусқәа 10, уи ақалақь атроллеибустә парк акыр иарҭбаауеит, ақалақь аҩнуҵҟа аиҭанеи-ааира арманшәалоит.

«Сара сгәыӷуеит Аҟәа иқәынхо ауааԥсыреи уи ақалақь асасцәеи ауаажәларратә транспорт ахәшьара ҳаракы арҭаԥ, насгьы уи ала аныҟәара агәахәара рнаҭап ҳәа. Сгәы иаанагоит амашьынақәа рхыԥхьаӡара маҷхап, аекологиа акәзар еиҳа ицқьахап ҳәа. Ҳара гәахәарыла Санкт-Петербург аҟынтәи Аҟәа ҳамҭас иаҳҭоит арҭ атроллеибусқәа», - иҳәеит иара.

«Ари ҳақалақь азы даара иҳамҭа дууп. Ақалақьуаа акыр шықәса ас еиԥш иҟоу атранспорт азымхара рныԥшуан. Атроллеибусқәа ҳара ҳҿы иныҟәон, аха ахырхарҭақәа зегьы рҿы ибжьамызт, рхыԥхьаӡара даара имаҷын, убри аҟнытә иахьа ҳара ҳзы ари акыр иаԥсоу ҳамҭоуп. Ақалақьуаа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп», – иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Санкт-Петербургнтәи иааз аҟазауаа Аԥснытәи рколлегацәа ишрыцхраауа атроллеибусқәа аҭыԥантәи аҳақәа рҿы рныҟәара арманшәала иадҳәалоу аусурақәа рымҩаԥгараҿы.


Read 19 times