Print this page
сегодня 12:18

Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын аҿар рфольклортә ансамбль «Ахьышьҭра» анапхгара дырԥылеит

Анапхгаҩцәа Есма Гәынбеи Саида Џьениеи ансамбль аԥҵара аҭоурыхи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ирылацәажәеит.

2011 шықәсазы Руфеҭ Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультура Аҩны аҟны авокалтә-инструменталтә ансамбль «Риҵа» аҿартә гәыԥ аԥҵан. 2015 шықәсазы уи ахьӡ ԥсахын аҿар рфольклортә ансамбль «Ахьышьҭра» ахь.

Араион ахада иазгәеиҭеит акультуратә хаԥшьгарақәа адгылара рыҭара иамоу аҵакы:

«Гәдоуҭа ақалақьи араион зегьи абаҩхатәра злоу аҿар ирызгәдууп. «Ахьышьҭра» ада Аԥсны иҟам аҿар рфольклортә ансамбль», – иҳәеит араион ахада.

Асҭамыр Аргәын аҿар рырҿиаратә усураҿы адгылара шриҭо атәы иҳәеит.


Read 52 times