Аԥсны еснагь аԥҳәыс лахь азыҟазаашьа ҷыда ыҟан. Аԥҳәыс ахәышҭаара хьчаҩыс дамоуп, аҟәышреи агәҭынчреи дырхыҵхырҭоуп, аҭаацәареи ауаажәларреи шьаҭас дрымоуп.
Ари аныҳәа аҽны ҷыдала ирыдысныҳәалар сҭахуп Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа. Шәара шәыҷкәынцәа ирылашәааӡеит ҳәаа змам аԥсадгьыл абзиабара, агәымшәара, аҭакԥхықәра, аԥсадгьыл ахьчараз агәаҳәара иамоу аҵакы реилшәыркааит. Иаашәырԥшуа ахачҳареи аҟәыӷареи рзы ҳшәеихырхәоит.
Иахьа аҳәса еиҳа-еиҳа аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы ароль хада нарыгӡоит. Шәара қәҿиарала аус жәуеит аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аҭҵаарадырреи рҟны, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи хадара рзыжәуеит, ҳтәыла аԥеиԥш азы акрызҵазкуа аӡбарақәа шәыдышәкылоит. Шәара шәзанааҭдырреи, шәгәамчи, шәус гәыкала азыҟазаареи аҳәынҭқарра аҿиареи арӷәӷәареи иазырхоуп.
Акыр иаԥсоу аҳәса!
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара, шәыҩнаҭақәа рҿы аҭынчра. Иаашәыкәыршан иҟоу ауаа рыгәцаракреи рыбзиабареи шәыцзааит.
Шәадныҳәалаз Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!»
